Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа, Ергнеҭии Свери ақыҭақәа ирзааигәаны, закәандарала ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа ааныркылеит
Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа, Ергнеҭии Свери ақыҭақәа ирзааигәаны, закәандарала ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа ааныркылеит.
Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.
Амаҵзура адырра ишану ала, азакәандаратә аанкылара иазку аинформациа анроу, зыҧшра ҟамҵакәа, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа «ацәаҳәа ҷыда» аус адыруит.
«Ари аинформациа Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа ираҳҭеит. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәразы уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭоуп», – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.