Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Қырҭтәыла атерроризм иаҿагыло ақәҧараҿы апрогресс ду аанарҧшит,   аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атерроризм анольтә анырра арбага амоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Қырҭтәыла атерроризм иаҿагыло ақәҧараҿы апрогресс ду аанарҧшит,   аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атерроризм анольтә анырра арбага амоуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭаара амаҵзура адунеиаҿ  „Атерроризм аиндеқс аҩаӡара“ иазкны Аекономикеи аҭынчреи ринтитут  (IEP) ицәырнагаз аҳасабырба иахцәажәеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  аҳәамҭа ишану ала, аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны,   Қырҭтәыла атерроризм иаҿагыло ақәҧараҿы апрогресс ду аанарҧшит,   аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атерроризм анольтә анырра арбага амоуп.

„Еицырдыруа жәларбжьаратәи аиҿкаара  „Аекономикеи аҭынчреи ринститут“ ицәырнагеит есышықәсатәи аҳасабырба „Аглобалтә терроризм аиндекс 2025“, уи адунеи зехьынџьара атерроризм иамоу анырра иазку аналитикатә документуп. Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла, атерроризим анольтә арбага ахьыҟоу атәылақәа иреиуп, ареитинг аҿы аҵыхәтәантәи аҭыҧаҿ игылоуп.  2024 шықәсазы Қырҭтәыла атеррористтә инцидентқәа иҟамызт, атәылаҿ ишәарҭам алагылазаара ихьчоуп. Абри аҩыза арбагақәа рыла,  Қырҭтәыла, Евроеидгылеи НАТОи ирылахәы аҳәынҭқаррақәа рацәа раҧхьа игылоуп. Аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны,   Қырҭтәыла атерроризм иаҿагыло ақәҧараҿы апрогресс ду аанарҧшит,   аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атерроризм анольтә анырра арбага амоуп“, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.