Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу ақыҭа Ванели азааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ Малхаз Џьанелиӡе азакәандратә баандаҩтәра аҟынтә ихақәиҭтәра апроцесс мҩаҧысуеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу ақыҭа Ванели азааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ Малхаз Џьанелиӡе азакәандратә баандаҩтәра аҟынтә ихақәиҭтәра апроцесс мҩаҧысуеит

«Абарҭ аминуҭқәа рзы, импыҵахалоу ақыҭа Ванели азааигәара, ҧхынҷкәын 1 азы закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауа Милхаз Џьанелиӡе ихақәиҭтәра апроцесс мҩаҧысуеит», — аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

Аусбарҭа адыррала, Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәразы Евроеидгыла анаҧшратә миссиа «ацәаҳәа ҷыда» аус адыруит, иара убас, апроцесс рҽаладырхәит Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа.

«Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы закәандарала ауаа раанкылареи егьырҭ адеструктивтә фактқәеи рзы аҭак аҧхықәуп Урыстәылатәи афедерациа», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.

Ампыҵахалатә мчқәа Қырҭтәыла атәылауаҩ Милхаз Џьанелиӡе закәандарала даныркылеит ҧхынҷкәын 1 азы.