Аҳынҭқарратә шарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа абџьар аҵәахырҭа аадырҧшит, уаҟа еиуеиҧшым аҧжәагақәеи аџьаҧҳани ишьҭан
Аҳынҭқарратә шарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа абџьар аҵәахырҭа аадырҧшит, уаҟа еиуеиҧшым аҧжәагақәеи аџьаҧҳани ишьҭан

Аҳынҭқарратә шарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа абџьар аҵәахырҭа аадырҧшит, уаҟа еиуеиҧшым аҧжәагақәеи аџьаҧҳани ишьҭан.

«2017 шықәсазы Аҳмеҭ Чатаеви игәыҧи рзы иалагаз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Атерроризм иаҿагыло ақәҧара ацентр аоперативтә информациа аиуит, уаҟа ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу агәыҧ алахәылацәа рырҧсыҽра  ашьҭахь, дара иртәыз абџьар хәҭак, шықәсқәак ирылагӡаны, аконкреттә ҭыҧаҿ ишьҭан, аинформациаҿы ари аҭыҧгьы иарбан.

Убри анеҩс, Ацентр аусзуҩцәа, Ҭелавтәи араион Лечури ақыҭа иазааигәаны иҟоу абнаҿ абџьар аҵәахырҭа рбеит, уаҟа ишьҭан  амцабџьари, апатронқәеи, еиуеиҧшым аҧжәагақәеи», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.