Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Ацәгьаура иазкны ВВС иаланарҵәаз аинформациа иадҳәаланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аусеилыргара иалагеит
«Ацәгьаура иазкны ВВС иаланарҵәаз аинформациа иадҳәаланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы аусеилыргара иалагеит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, аусеилыргара хықәкыс иамоуп ВВС ахы ианархәаз ауаа ринтервиу иарбан информациоу шьаҭас иамаз аилкаареи ари аинформациа иахьынӡаиашоу ашьақәыргылареи.
«Иахьазы акоуп иҳҳәар иҳалшо: ганкахьала, ицәыргоу аматериалаҿ ацәгьаура адыргақәа иҟоуп, уи шьақәырҕәҕәахар, ари афакт ауаа ргәабзиареи рыҧсҭазаареи рзы шәарҭоуп, рзакәантә зинқәа еиланагоит. Егьи аганахьала — ари аинформациа Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәеи, ҳтәыла аимиџьи арепутациеи ирҧырхагоу ацәгьаура адыргақәа алоуп. Убри аҟынтә, аусеилырга иалагеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 333 ахәҭаҷла — амаҵзуратә зинчқәа ламысдарала рхархәаразы, иара убас, 319 ахәҭаҷла — аҕатә усураҿы атәым аиҿкаара ацхрааразы. Аусеилыргара мҩаҧгахоит ахырхарҭақәа зегьы рыла», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.
ВВС аҿы икьыҧхьын аматериал: «ВВС ашаҳаҭгақәа инрықәыршәаны, ақырҭуа демонстрантцәа рганахьала ахархәара аман Актәи адунеитә еибашьра ахаантәи ахимиатә маҭәашьар». Аинформациа ахыҵҵырҭа аҳасабала ВВС акорреспондент ақырҭуа педиатор Константин Чахунашвилии, Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Лаша Шергелашвилии, аексперт Кристофер Холштегеси рыхьӡқәа иҳәоит. Иара убас, ВВС адыррала, «Қырҭтәыла анапхгара аус аҭҵаара алҵшәақәа ииашам ҳәа иазгәаҭаны, ишырҳәаз ала, аполицаицәа гәымбылџьбаратә ацәгьауцәа рзакәандаратә хымҩаҧгашьазы азакәан инақәыршәаны аҭак ҟарҵон».