Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә режим Ҧахулани ақыҭа иазааигәаны аихатә ҭел ҿыц еиҵырхит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә режим Ҧахулани ақыҭа иазааигәаны аихатә ҭел ҿыц еиҵырхит

 

 

«Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Ҧахулани ақыҭа иазааигәаны,  еиҭах закәандарала абордеризациа апроцесс мҩаҧган, » — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.

«Ҧхынҷкәын 26-27 рзы, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Ҵаленџьихатәи амуниципалитет иаҵанакәа Ҧахулани ақыҭа иазааигәаны,  уаанӡагьы уаҟа иҟаз аихатә ҧынгылақәа рынхыҵ, ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа, еиҭах закәандарала абордеризациа мҩаҧганы, аихатә ҭел ҿыц еиҵыхны, аҿыц конструкциақәа дыргылеит.  Абри адеструктивтә шьаҿа аҭыҧантәи ауааҧсыра рҭагылазаашьа иаҳа арцәгьоит, ауаа рхы иақәиҭны аиҭаҵра алшара рымам, иара убас, абри аҩыза ашьаҿақәа аҭыҧаҿы ашәарҭадара иаҧырхагоуп.

Абри азҵаара иадҳәаланы аусура иалагеит ацәаҳәа ҷыда. Евроеидгыла анаҧшратә миссиа адырра аиухьеит», —  иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.