Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Урыстәылатәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Атаци ақыҭа иаҧну  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ закәандарала аинсталиациа дыргылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Урыстәылатәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Атаци ақыҭа иаҧну  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ закәандарала аинсталиациа дыргылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, Урыстәылатәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Атаци ақыҭа иаҧну  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ закәандарала аинсталиациа дыргылеит.

Амаҵзура адыррала, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи ари афакт иазкны адырра роухьеит, зыҧшра ҟамҵакәа аусура иалагеит Ацәаҳәа ҷыда.

„Ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны закәандарала имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы, азакәандаратә бордеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны аинсталиациақәа рыргыларагьы уахь иналаҵаны, аҭыҧантәи ауааҧсыра рҭагылазаашьа дырцәгьоит, арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа еицәартәуеит. Зыӡбхәы ҳәоу афактқәа рзы аҭакҧхықәра наӡа рыдуп ампыҵахалатә мчқәа. Азакәандаратә бордеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны аинсталиациақәа рыргылара азҵаара иџьбараны иалацәажәоит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм  (IPRM) анеҩстәи аиҧылареи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа анеҩстәи араунди аан“, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.