Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, нанҳәа 9 рзы Қырҭтәыла мрагыларатә ахәҭаҿы аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +40 градус аҟынӡа
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, нанҳәа 9-нӡа Қырҭтәыла шоурахоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, Қырҭтәыла мрагыларатә ахәҭаҿы +38 градус шоуроуп, ҭыҧқәак рҿы аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +40 градус аҟынӡа.
«Ашоура бааҧсы аҧхарратә стресси, абна абылреи, аарҩареи зхылҵуа афакторқәа иреиуп. Ашәарҭара аҩаӡара — абжьаратәиуп», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.