Аҳәаатә полициа аиҳабы "НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа" агәыҧ хада анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ диҧылеит
Аҳәаатә полициа аиҳабы "НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа" агәыҧ хада анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ диҧылеит

Аҳәаатә полициа аиҳабы,  аполковник Давиҭ Ҭамазашвили  “НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа” агәыҧ хада анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, актәи аранг акаҧдан Кобак Мерич диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминформациа инақәыршәаны, аиҧылараҿы “НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа” амшынтә шәарҭадара аинициатива ала иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара апроцессаҿ аҭырқәа аган алахәызаара аҵакы азгәаҭан.

Давиҭ Ҭамазашвили Кобак Мерич изеиҭеиҳәеит аҳәаатә полициаҿы уажәазы имҩаҧысуа апроектқәа ирызкны. Иара убас, аиҧылараҿы, амшынтә шәарҭадара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ҩ-ганктәи русеицура ахәшьара бзиа аҭан.

Аиҧылара рхы аладырхәит аҳәаатә полициа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аполковник Давиҭ Бицкнашвилии, аполковник  Гиви Гордаӡеи, аҳәаатә полициа жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа русбарҭа анапхгаҩы, актәи аранг акаҧдан  Рамаз Папиӡеи, иара убас, «НАТО–Қырҭтәыла апакет наӡа» (SNGP) аиқәыршәара аҟәша ахаҭарнак, аполковник  Гьаргь  Патаркацишвилии.