Бриуссель, НАТО аштаб-уадаҿы, Қырҭтәыла аҽалархәрала имҩаҧысит НАТО Арратә комитет аилатәара
Бриуссель, НАТО аштаб-уадаҿы, Қырҭтәыла аҽалархәрала имҩаҧысит НАТО Арратә комитет аилатәара.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аилатәара рхы аладырхәит аинрал-леитенант Гьаргь Матиашвили анапхгара ззиуаз Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа аделегациа.
«НАТО–Қырҭтәыла аформатаҿ имҩаҧгаз аилатәараҿы НАТОи Қырҭтәылеи русеицураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәеи, аусеицура алҵшәақәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аинрал-леитенант Гьаргь Матиашвили НАТО Арратә комитет ахантәаҩи, иара убас, Венгриеи, Италиеи, Словакиеи, Ҭырқәтәылеи ртәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит», — иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.