Агрипп аҽацәыхьчаразы алаҵақәа рыҟаҵара нагӡоит
Агрипп аҽацәыхьчаразы алаҵақәа рыҟаҵара нагӡоит

«Агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵақәа рыҟаҵара нагӡоит», — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аҟынтә.

Аминистрра аинформациа ала, актәи аетап азы алаҵақәа рзыҟарҵеит ариск гәыԥ иаҵанакуаз атәылауаа.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, аҳәынҭқарра  Abbott Biologicals B.V. 200 000 авакцинақәа аанахәахьеит. Аусҳәарҭа аинформациа ала, фымз зхыҵуа асабицәа индыркны изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада авакцинациа иахысыр рылшоит  авакцинациа мҩаҧызго иарбанзаалак амедицинатә усбарҭаҿы, аклиникақәа рсиа Ачымaзaрaқәa рхылaҧшрaзы aмилaҭтә центр авебдаҟьа ианылеит.