Агәабзиарахьчара аминистрра - 4 компонентк злоу агрипп аҽыхьчаратә вакцина 200 000 адозақәа атәыла зехьынџьара ирзыршоит
Қырҭтәыла зехьынџьара асезонтә грипп аҽыхьчаратә вакцинациа иалагеит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, аҳәынҭқарра SANOFI PASTEUR авакцинақәа аанахәахьеит.
Атәылауаа ари авакцина хәыҧсада ироуеит.
Алаҵара аҟаҵара ҟалоит астандартә режим аҿы авацинациа мҩаҧызго иарбанызаалак аклинкиаҿы.
Авакцина SANOFI PASTEUR 200 000 адозақәа, етапла, атәыла зехьынџьра ирзыршоит.
Агрипп аҽыхьчаратә вакцинациа иалагеит 2021 шықәса жьҭаара 8 рзы.