Афымцеи аӡылеиқәыршәареи аиҿкаара амилаҭтә комиссиа аӡы ахәҧса ҿыц ашьақәыргылареи афымца ахәҧса аҧсахреи азҵаара иахәаҧшуеит
Афымцеи аӡылеиқәыршәареи аиҿкаара амилаҭтә комиссиа аӡы ахәҧса ҿыц ашьақәыргылареи афымца ахәҧса аҧсахреи азҵаара иахәаҧшуеит.
Акомиссиа алахәылацәа аилахәырақәа рфинанстәи, ртехникатәи, ринвестициатәи план иахәаҧшны, аҵыхәтәантәи аӡбара рыдыркылоит.
Аӡы ахархәаразы ишьақәгылаз хышықәсатәи атариф аҿҳәара нҵәоит ҧхынҷкәын 31 рзы. Иахьа акомиссиа алахәылацәа ирыӡбароуп иааиуа ашықәс азы аӡы ахәҧса заҟарахо. Иахьатәи аӡбара амч аиуеит ажьырныҳәа 1 инаркны.