Афатәаалыц азы амилаҭтә агентра аалыҵ аекспорт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Афатәаалыц азы амилаҭтә агентра аалыҵ аекспорт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Афатәаалыҵ азы Қырҭтәыла амилаҭтә агентра аҳәамҭа ишану ала,  ақырҭуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ жәларбжьаратәи аџьармчкьақәа рышҟа алгара азыҳәан крызҵазкәа аусура мҩаҧган.

Агентраҿы ишазгәарҭаз ала,  ари апроцесс иалахәып апрофильтә ҳәынҭқарратә страктурақәеи  еицырдыруа жәларбжьаратәи амаркетингтә еилахәырақәеи.

«Афатәаалыҵ азы амилаҭтә агентра еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы қәҿиарала ихыркәшан Саудтәи Аравиаҟны аиҿцәажәарақәа.  2020 шықәса инаркны Урыстәылатәи афедерациаҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит,  аилаӡарақәа инрықәыршәаны,  ақырҭуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рахь анагара ҟалоит.

Иара убас,  Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  аусура ду мҩаҧысуеит Евроеидгыла атәылақәа рышҟа ақырҭуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ анагаразы иаҭаху астандартқәеи аҧҟарақәеи раларҵәаразы.