Амилаҭтә статистикатә маҵзура - 2022 шықәса ажьырныҳәа-нанҳәазы аҭыԥантәи аекспорт 36.9% рыла иазҳаит
Амилаҭтә статистикатә маҵзура - 2022 шықәса ажьырныҳәа-нанҳәазы аҭыԥантәи аекспорт 36.9% рыла иазҳаит

2022 шықәса ажьырныҳәа-нанҳәазы аекспорт 3571.4 миллион доллар иаҟаран, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс  36.9% рыла еиҳауп. Ари атәы аарыҳцаит Амилаҭтә статистикатә маҵзура аҟынтә.

Сақстат аинформациа ала, аҭыԥантәи аекспорт аекспорт зегь аҟынтә 69.9% иаҟароуп. Ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 31.2 рыла иазҳан, 2487.1 миллион доллар иаҟарахеит.

Амилаҭтә статистикатә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, аҭыԥантәи аекспорт аҿы идуҿҿоу аекспорттә тәылақәа рҟынтә актәи хҭыԥк ааныркылоит Кита, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла.