Сақстат –2023 шықәсазы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Азербаиџьанҟа, аимпорт - Ҭырқәтәылеи ЕАШ-и рышҟа
Сақстат –2023 шықәсазы Қырҭтәылантә аекспорт зегьы реиҳа идуун Азербаиџьанҟа, аимпорт - Ҭырқәтәылеи ЕАШ-и рышҟа

Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2023 шықәсзы,  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы аекспорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа 80.3% иаҟаран.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны,  Азербаиџьан актәи аҭыҧ ааннакылоит,  ари атәылашҟа Қырҭтәылантә идәықәҵан 862.1 миллион адоллар рыхә аекспорт,  аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Шәамахьтәыла  —  787.1 миллион адоллар, ахҧатәи аҿы Казахстан — 703.0 миллион адоллар.

Аимпорт аганахьала, 2023 шықәсазы  Қырҭтәыла аекспорт аҭаӡара наӡа аҿы  аимпорт аганахьала ахадаратә апартниортә тәылақәа рыхәҭа70.5%. иаҟаран. Аҧхьагылара рымоуп  Ҭырқәтәыла  –  2 570.1  миллион адоллар, ЕАШ— 1 949.3 миллион адоллар, Урыстәыла  —  1 744.5 миллион адоллар.

Иара убас, Амилаҭтә астатистикатә маҵзура аинформациа ишану ала, 2023 шықәсазы, аекспорттә категориақәа рыгәҭа аҧхьагылара рымоуп амашьына ласқәа, атәыла иалган  2 126.6  миллион адоллар рыхә амашьынақәа, уи аекспорт наӡа аҟынтәи 34.9%-оуп.