Адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла агәҭанытәи ахәҭаҿы
Адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла агәҭанытәи ахәҭаҿы

Адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла агәҭанытәи ахәҭаҿы. Европа Адгьылбжьаратә мшын асеисмологиатә центр аинформациа ала, адгьылцысра амч 5.6 амагнитуда иаҟаран. Аепицентр Голбаши ақалақь ааигәара иҟан. ЕАШ аметеорологиатә маҵзура аинформациа ала, адгьылҵысра амч 5.5 амагнитуда аман.

Жәабран 6 рзы Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 2920-ҩык иреиҳауп, ахәрақәа роуит 15800-ҩык иреиҳаны.  7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ақалақь Қаҳраманмараш аҟны ҟалеит. Аҵысрақәа ирныруан Ҭырқәтәыла жәа провинциак рҿы: Газианҭеԥи, Диарбақири, Адане, Санлиурфеи, Ҳаҭаи, Малаҭиеи, Қилиси. Аҩбатәи, 7.6 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 13:24 рзы ҟалеит.

Адгьылҵысра ҟалеит Шьамтәылаҿгьы. Уа аԥсабаратә рыцҳа́ра иалаӡеит 1290-ҩыу иреиҳаны.