Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 12 391ҩык,  Сириа — 2 992ҩык
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 12 391ҩык,  Сириа — 2 992ҩык

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәылеи Сириеи иҭахеит  15 нызқьҩык иреиҳаны. Урҭ рҟынтә Ҭырқәтәыла иҭахеит  12 391ҩык,   63 нызқьҩык раҟара ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Сириа иҭахеит  2992ҩык. Урҭ рҟынтә  1730ҩык иҭахеит ақәгылаҩцәа рнапаҿы иҟоу араионаҿ. Уаҟа аус зуа иҳәынҭқарратәым агуманитартә гәыҧ   «Акәылӡхылҧа шкәакәақәа» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аиқәырхаратә отриадқәа уажәгьы уахьимнеицт,  дара рхала,  ирылшо ала ауаа ирыцхраауеит. Башар Асад дызхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҭахеит  1262ҩык.