Абҵара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Барселонеи, Берлини, Венеи,  Абу-Даби рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧгахоит
Абҵара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Барселонеи, Берлини, Венеи,  Абу-Даби рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧгахоит

Абҵара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Барселонеи, Берлини, Венеи,  Абу-Даби рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧгахоит. Ари атәы аалыцҳаит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Мариам Қвривишвили.

Лара ишылҳәаз ала, апандемиа аан ари аӡбара  атуризми авиациатә сектори рзы аҵакы ду амоуп.

«Ҳзықәгәырҕьаша, зҵакы дуу ажәабжь ҿыц ҳамоуп. Ҳстратегиатә партниорцәа рҟны қәҿиарала аиҿцәажәарақәа хыркәшоуп. Уи абзоурала,  2021 шықәса абҵара инаркны,  Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Барселонеи, Берлини, Венеи,  Абу-Даби рхырхарҭала ишиашоу ареисқәа мҩаҧгахоит.  Сгәыҧ алахәылацәа зегьы рџьабазы ҭабуп ҳәа расҳәоит, авиаеилахәырагьы саҭабупп ари азҵаараҿы иахьҳадгылаз азы.   Апандемиа аан ари аӡбара  атуризми авиациатә сектори рзы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Мариам Қвривишвили.