Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза иаларҵоит  85 миллион лари
Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза иаларҵоит  85 миллион лари

«Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ахатә ҧхықәрақәа инагӡаны рынагӡара алшарц азыҳәан, аҳәынҭқарра ари аҳаирбаҕәаза аланаҵоит  85 миллион  лари», — аиҳабыра реилатәара ашьҭахь ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  авице-аҧыза-министр, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили.

Иара иажәақәа рыла, қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза апассаџьырцәа рымҩаҧгара аганахьала иҿырҧшыгазароуп, аха,  уи адагьы, ари аҳаирбаҕәаза иамоу алшарақәа инагӡаны ахархәара рыҭатәуп.

«Убри азоуп аҧырра-атәаратә ацәаҳәа ҿыц заҳҭаху, Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ ари ацәаҳәа имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, аекспертцәа ишырҳәаз ала, уи аиҭашьақәыргылара ҟалом. Апроект аиқәыршәара ҳалагахьеит, ашықәс анҵәамҭаз, апроект ҿыц анҳаулак, аргыларатә еилахәыра алҳхуеит», — иҳәеит  Леван Давиташвили.

Аминистр иҳәамҭала,  3,5 км аура зауа ацәаҳәа ҿыц дыргылароуп  18 мза рыла.