Абҵара 7-нӡа Қырҭтәыла амш бзиазаауеит, алышәшәақәа леиуам
Абҵара 7-нӡа Қырҭтәыла амш бзиазаауеит, алышәшәақәа леиуам

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара  4–6 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшразо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа дыррақәа рыла, абҵара  7-нӡа амш бзиазаауеит, алышәшәақәа леиуам.

Қарҭ шьыбжьон  +17…+19°C  ҧхаррахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Пуҭ): амш бзиазаауеит, шьыбжьон  +19…+21°C ҧхаррахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла алаҟәыраҿ абҵара 4 рзы аҧша ҕәҕәа асуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература  +21…+23°C. аҟынӡа ишьҭыҵуеит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхараҿы  (Амбролаури, Они, Цагери, Шьови, Ҷиаҭура, Сачхере, Ҳуло, Рикоттәи ахыҵҵырҭа) алышәәшақәа ҟалом. Шьыбжьон  +20…+22°C. ҧхаррахоит.