Аԥсны Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы  Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа рымемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Аԥсны Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа рымемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

1992 нанҳәа 14 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз атрагедиатә хыҭысқәа ирыдҳәаланы,  Аԥсны Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы Гьаргь Џьинҷараӡеи Аԥсны Автономтә Республика Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Џьемал Гамахариеи дицны Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа рымемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Гьаргь Џьинҷараӡе иажәақәа рыла, нанҳәа 14 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь реиҳа ихьанҭоу, атрагедиатә мшуп.

Аԥсны аибашьратә хҭысқәа иалагеижьҭеи 33 шықәса ҵит.