Аԥсабарахьчаратә хырхарҭала Евроеидгыла ахыдҵақәа рынагӡара аҳасабырбала Қырҭтәыла аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит
Австриа, Вена Аенергетикатә аидҵара аминистрцәа рхеилак 21-тәи аиԥылара мҩаԥган. Аминистериал далахәын Қырҭтәыла Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Нино Ҭандилашвили.
Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аиԥылара лахәылацәа Аенергетикатә аидҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирымаз ахыдҵақәа рынагӡара 2023 шықәсатәи аҳасабырба иахцәажәеит.
Аҳасабырбаҿ иаарԥшын Евроеидгыла асектортә закәанԥҵареи милаҭтә закәанԥҵареи реинаалара. Аԥсабарахьчаратә хырхарҭала Евроеидгыла ахыдҵақәа рынагӡара аҳасабырбала Қырҭтәыла аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит, актәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Монтенегро.
Аинформациа аарыцҳаит Қырҭтәыла Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра аҟынтә.