Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе рашәара 27 рзы апарламент аҿы аиҳабыра ашықәстәи аҳасабырбала дықәгылоит
Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе рашәара 27 рзы апарламент аҿы аиҳабыра ашықәстәи аҳасабырбала дықәгылоит. Адокумент апарламентахь иахьа ишьҭын.
Абиуро еилатәараҿ апарламент авице-спикер Нино Ҵилосани ишылҳәаз, аԥыза-министр иқәглра рашәара 27 рзы мҩаԥгахоит.
Арегламент ала, аиҳабыра апарламент аднагалароуп есышықәсатәи аҳасабырба. Апроцедура инақәыршәаны, аиҳабыра рҳасабырба азакәанԥҵаратә аиҿкаар аднагалароуп рашәара 1-нӡа.
Ҵыԥх, аԥыза-министр апарламент аҿы аиҳабыра ашықәстәи аҳасабырбала дықәгылеит рашәара 28 рзы.