Аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, Римтәи Папа Аепископцәа рсинод амаӡаныҟәгаҩс аҧҳәыс дықәиргылеит
Папа Франциск, аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, аҧҳәыс Натали Бискарт Аепископцәа рсинод амаӡаныҟәгаҩс дҟаиҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.
Натали Бискарт дфранцызуп, Синод аҿы абжьы азин зауз раҧхьатәи ҧҳәысуп.
Натали Бискарт крызҵазкәа аиҧыларақәеи Римтәи акатоликатә уахәамаҿы еимактәыс ирымоу, зегьы реиҳа зҵакы дуу азҵаарақәа рзы Синод аҿы имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәеи дрылахәхәоит.