“Аҭахцәа ркоалициа” алидерцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит - Аибашьра ахыркәшара ашьҭахь, акоалициа мчқәа Украина игылоит
Аибашьра ахыркәшара ашьҭахь, акоалициа мчқәа Украина игылоит, – иануп “Аҭахцәа ркоалициа” алидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы. Аҳәамҭа Бритниа ду аиҳабыра рпрессмаҵзура аланарҵәеит.
Аҳәамҭаҿы ишану ала, иахьа “Аҭахцәа ркоалициа” алидерцәа авиртуалтә еиԥылара мҩаԥыргеит. Франциа ахада Еммануель Макрони Британиа ду аԥыза-министр Кир Стармери рнапхгарала имҩаԥгаз аиԥылара ихы алаирхәит Украина ахада Володимир Зеленски.
Авиртуалтә аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан “Украина адгылареи аҭынчратә еиҿцәажәарақәа ирышьҭанеиуа ашьаҿеи”.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, “Аҭахцәа ркоалициа” алидерцәа ахада Трамп Украина ашәарҭадаратә гарантиақәа аҭара ахырхарҭала иҟаиҵо ашьаҿақәа рзы иҭабуп ҳәа иарҳәоит.
“Аиԥылара алахәылацәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Аибашьра ахыркәшара ашьҭахь, акоалициа мчқәа Украина ашҟа ашьҭра шазыхиоу, Украина аҳауатәи амшынтәи шәарҭадара аиқәыршәара иадгыларц, Украина абџьармчқәа реиҭашьақәыргылараҿ ацхраара азаанарԥырц ишазыхиоу”, – иануп аҳәамҭа аҿы.