600 ихҵәоу аҭаацәарақәа хара имгакәа Жәыргьыҭ ауадақәа роуеит
 600 ихҵәоу аҭаацәарақәа хара имгакәа Жәыргьыҭ ауадақәа роуеит

 Жәыргьыҭ,  Барамиа имҩаҿы,  ахҵәацәа рзы ҳаамҭазтәи анхарҭатә комплекс ду дыргылеит. Уаҟа ауадақәа роуеит  600 ихҵәоу аҭаацәарақәа.

Иахьа акорпус ҿыц рбеит Агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи рзы аминистр Екатерина Тикараӡеи  Ахҵәацәа русқәа рзы агентра адиректор Бесарион Симонишвилии,  Жәыргьыҭ амажоритартә депутат Иракли Чиқовании.

Ахҵәацәа русқәа ҭызҵаауа акомиссиа аусура иалагоит иааиуа амшқәа рзы, ауадақәа ршара апроцесс мҩаҧысуеит анырхара акритериқәа инрықәыршәаны.