Ақәоурацәгьа амшала Жәыргьыҭ апроблемақәа ҟалеит
Ақәоурацәгьа амшала Жәыргьыҭ апроблемақәа ҟалеит

Ақәоурацәгьа амшала Жәыргьыҭ апроблемақәа ҟалеит, амҩақәеи аҩнқәа ргәарақәеи аӡы рхыҵәеит, аҩнымаҭәеи, абзазаратә техникеи ҧхасҭоуп.

Аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәа ақалақь араионқәак рҿы аҭагылазаашьа гәарҭеит. Аҩнқәа рҟынтә аӡы аҭгара иаҿуп.