Кит Келлог - Нато арҭбаара аанкылара иадҳәалоу Урыстәыла аҳәамҭақәа, Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылеи Молдовеи ирызкуп
Кит Келлог - Нато арҭбаара аанкылара иадҳәалоу Урыстәыла аҳәамҭақәа, Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылеи Молдовеи ирызкуп

Нато арҭбаара аанкылара иадҳәалоу Урыстәыла аҳәамҭақәа, Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылеи Молдовеи ирызкуп. Ҳара абри раҳҳәоит – арҭбаара аанкылара ҳалшоит шәҳәаақәа рҟынӡа ҳәа, – иҳәеит Укриана азҵаарақәа рзы Дональд Трамп ихаҭарнак ҷыда, аинрал Кит Келлог  ABC News аинтервиу аҿы.

Келлог иажәақәа рыла, Путин аибашьра мап ацәикыр, Дональд Трамп ажәа шьҭеиҵоит Нато мрагыларахьтәи ахырхарҭала арҭбаара дшаҟәыҵуа.

„Нато арҭбаара аанкылара иадҳәалоу Урыстәыла аҳәамҭақәа, Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылеи Молдовеи ирызкуп. Ҳара абри раҳҳәоит – арҭбаара аанкылара ҳалшоит шәҳәаақәа рҟынӡа ҳәа.Ари ашәарҭадара иазку аинтерес ауп”, – иҳәеит Келлог аинтервиу аҿы.