Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Саимон Вандербрук Қырҭтәыла Қарҭтәи аҳаирбаҕәазаҿ атәыла алаларазы мап ахьиарҳәаз, азеилымкааран
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла аделегациа алахәыла Саимон Вандербрук Қырҭтәыла Қарҭтәи аҳаирбаҕәазаҿ атәыла алаларазы мап ахьиарҳәаз, азеилымкааран.
Аусҳәарҭа аинформациала, аинцидент аҵыхәа ԥҵәоуп.
“Аҭыԥ аман атехникатә азеилымкаара. Уажәы аинцидент аҵыхәа ԥҵәоуп”, – иануп аминистрра аланаҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра ишьақәнарҕәҕәеит лаҵара 21 рзы Евроеидгыла аделегациа алахәыла Саимон Вандербрук Қарҭтәи аҳаирбаҕәазаҿ атәыла алаларазы мап шицәыркыз. Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари азҵаара иадҳәаланы аҭамзаара шьҭанаҵеит, дара ишьақәдырҕәҕәеит аделегациа алахәыла иусуратә позициашҟа ихынҳәра ишазыразу.