Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа иаҳа ирацәахеит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, ахә хыхьтәи аҳәаа шьақәыргылоуп 2300 амедикаментқәа рзы.
Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, ашықәс анҵәамҭанӡа ари амеханизм амч аиуеит даҽа 7 000 ахәшәқәа рзы, уи абзоурала, афармацевтикатә џьармыкьаҿы зегьы реиҳа ахархәара змоу ахәшәқәа зегьы ареференттә ахәқәа рзышьақәыргылахоит.
Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ареформа абзоурала, ахәшәқәа рыхәқәа маҷхоит 40%-ла.