Хаҭиа Деканоиӡе -  Маикл Макфол  Баидени адунеи алидерцәеи дрыҳәоит  Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵарц  Саакашвили ашьауҕа иқәхра иадҳәаланы, ари аҳәамҭа зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп
Хаҭиа Деканоиӡе - Маикл Макфол Баидени адунеи алидерцәеи дрыҳәоит Саломе Зурабишвили лахь ааҧхьара ҟарҵарц Саакашвили ашьауҕа иқәхра иадҳәаланы, ари аҳәамҭа зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп

 

Иахьа „Washington Post“ аҿы икьыҧхьын Маикл Макфол истатиа, иара адунеи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада абахҭаҿ ишьра иаҿагыларц, – илҳәеит „Амилаҭтә ҵысра“ алахәыла Наҭиа Деканоиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Деканоиӡе ишылҳәаз ала, Михаил Саакашвили иҧсҭазаареи игәабзиареи ахь азҿлымҳареи Қырҭтәыла анапхгара рықәыҕәҕәареи азҳауеит.

„Маикл Макфол  адунеи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада абахҭаҿ ишьра иаҿагыларц. Иара Саакашвили идукатцәа рыла аларҵәара зауз амедицинатә аихшьаала шьаҭас иҟаҵаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа шыцәгьоу, игәабзиара ҧырхага ду шаиуз, Путин заҵәы иоуп ари аҭагылазаашьа иақәгәырҕьо.

Абри аҩыза зыҩаӡара ҳараку адипломат, Америка аҳәынҭқарратә департаменти Аҩны шкәакәеи ирзааигәоу,   зҵакы дуу аексперт, Стенфордтәи ауниверситет Жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа ашкол адиректор игәаанагара аҵакы ду амоуп.

Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара урыстәылатәи аинтересқәа ишрықәныҟәо, аолигарх Биӡина Иванишвили имал зегьы Қырҭтәыла акәымкәа, Урыстәыла ишеизигаз. Иара ипартиа анапхгара анамоу аамҭазоуп Саакашвили абахҭаҿ иҭагылазаашьа анеицәаха, Путин иоуп раҧхьа иргыланы уи иақәгәырҕьо“, – илҳәеит Деканоиӡе.