Владимир Путин – Уажәы Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа  - иаҳзеиҧшу рыцҳароуп,  аха, уи Урыстәыла акәымкәа, ахҧатәи атәылақәа рполитикоуп изыхҟьаз
Владимир Путин – Уажәы Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа - иаҳзеиҧшу рыцҳароуп, аха, уи Урыстәыла акәымкәа, ахҧатәи атәылақәа рполитикоуп изыхҟьаз

 «Уажәы Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа  – иаҳзеиҧшу рыцҳароуп,  аха, уи Урыстәыла акәымкәа,ахҧатәи атәылақәа рполитикоуп изыхҟьаз», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин  Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аколлегиа ирҭбаау аилатәараҿы данықәгылоз.

Путин иажәақәа рыла, «ахҧатәи атәылақәа  Урыстәыла аҿагыларазы  анеонацистцәа рхы иадырхәоит».

Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, Асовет Еидгыла аилаҳара ашьҭахь Урыстәыла ацивилизациатә дунеи хәҭакны иҟалар аҭахын, аха, уаҟа Урыстәыла иазыҧшымызт. Иара убас, Путин ишазгәеиҭаз ала,  НАТО ахадаратә тәылақәа зегьы рырратә потенциали рылшарақәеи Урыстәыла аҿагыларазы  рхы иадырхәоит.

«НАТО ахадаратә тәылақәа зегьы рырратә потенциали рылшарақәеи Урыстәыла аҿагыларазы  рхы иадырхәоит, уи ибзиаӡаны иаадыруеит. Ус ишыҟоугьы, ҳсолдаҭцәа, ҳсержантцәа, ҳофицарцәа, рхы иамеигӡакәа, фырхаҵарыла Урыстәыла иазықәҧоит, шьаҿа-шьаҿала ахықәкқәа зегьы нарыгӡоит. Ҳәарада, аҳасабтәқәа зегьы наҳагӡоит», — иҳәеит  Владимир Путин.