Латвиа Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла атәылауаа атуристтә визақәа рыҭаразы аԥкрақәа шьақәнаргыларц
Латвиа Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла атәылауаа атуристтә визақәа рыҭаразы аԥкрақәа шьақәнаргыларц

Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵоит Урыстәыла атерроризм зыдгыло тәылас рыԥхьаӡарц. Едгарс Ринкевичс ари амикроблог “Твиттер” аҿы иҩит.

Латвиатәи адипломат “Еленовкаҿ украинатәи арратә тҟәацәа рыргәаҟреи рышьреи аурысцәа украинаа рганахьала имҩаԥыргаз ацәгьаурақәеи” дырҿагылоит.

Ринкевичс Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵоит Урыстәыла атәылауаа атуристтә визақәа рыҭаразы аԥкрақәа шьақәнаргыларц.

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацә Еленовка ахырхарҭала имҩаԥганаз артиллериала ахысраан иҭахеит 53-ҩык украинатәи атҟәацәа, 73-ҩык ахәрақәа роуит.