Едгарс Ринкевичс  Латвиа ахадас дҟарҵеит
Едгарс Ринкевичс  Латвиа ахадас дҟарҵеит

Латвиа  Сеим алахәылацәа атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс атәыла ахадас далырхит.

2019  шықәса инаркны ари аҭыҧ аанызкыло  уажәтәи ахада Егилс Левитс аҩбатәи аҿҳәаразы икандидатура иқәимыргылеит.

49 шықәса зхыҵуа Едгарс Ринкевичс  Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан  2011  шықәса инаркны.