Едгарс Ринкевичс - Қырҭтәыла аӡбароуп Нато аҟны аусеицура амасштабқәа зеиԥшрахо, аха ҳара еснагь Қырҭтәыла Нато-и Евроеидгылеи ралалара ҳадгылоит
Едгарс Ринкевичс - Қырҭтәыла аӡбароуп Нато аҟны аусеицура амасштабқәа зеиԥшрахо, аха ҳара еснагь Қырҭтәыла Нато-и Евроеидгылеи ралалара ҳадгылоит

Қырҭтәыла аӡбароуп Нато аҟны аусеицура амасштабқәа зеиԥшрахо, аха ҳара еснагь Қырҭтәыла Нато-и Евроеидгылеи ралалара ҳадгылоит, – иҳәеит Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс.

Ринкевичс иажәақәа рыла, апартниор тәылақәа ирыдҳәаланы ашьҭымҭа хаданы иҟалоит урҭ ртәылақәа рҿы аҭышәынтәалара арӷәӷәареи, ареформақәа рынагӡареи рҿы ҳшацхраауа, аха арҭ атәылақәа рԥеиԥш рнапаҿы иҟоуп.

“Иацы ҳара 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара ҳахцәажәеит. Украинеи Қырҭтәылеи Нато иалалоит ҳәа ажәа раҳҭеит, ари ҳхамшҭиит.  14 шықәса раԥҳьа абра, Бухарест ираҳҭаз ажәа анагӡаразы уажәы иҟоу аполитикатә план зхеиԥшрои ҳәа иҳазҵаауеит. Апартниор тәылақәа ирыдҳәаланы ашьҭымҭа хаданы иҟалоит урҭ ртәылақәа рҿы аҭышәынтәалара арӷәӷәареи, ареформақәа рынагӡареи рҿы ҳшацхраауа, аха арҭ атәылақәа рԥеиԥш рнапаҿы иҟоуп,” – иҳәеит Едгарс Ринкевичс.