Гьаргь Гахариа  Адунеи абанк авице-ахада длацәажәеит апартниорра астратегиа иазкны  
Гьаргь Гахариа  Адунеи абанк авице-ахада длацәажәеит апартниорра астратегиа иазкны  

Қырҭтәылеи Адунеи абанки рпартниорра астратегиеи аконкреттә ҧыжәарақәеи, урҭ рыбжьара, Адунеи абанк ала Қырҭтәыла авакцинациа амилаҭтә план адгылара ахырхарҭақәагьы ирылацәажәеит  Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи Адунеи абанк авице-ахада Европеи Ацентртә Азиеи арегион аҿы Ана Биердеи реиҧылараҿы. Аганқәа еиҿцәажәеит авидеоконференциа аформат аҿы.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Адунеи абанки рыбжьра қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Адунеи абанк иеиҧшу афинанстә институт ду аҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп, ҷыдала, апроблемақәа анырацәоу аамҭазы. Аҧыза-министр Адунеи банк ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа аан еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла атәыла ацхрааразы.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра,  COVAX аплатформа инаваргыланы, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә иаамҭаны авакцина аагаразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит, абри апроцесс аҿы жәларбжьаратәи адгылара аҵакы ду амоуп.

Хшыҩзышьҭра рызун Адунеи абанк апортфолио аҿы иазҧхьагәаҭоу апроектқәа, урҭ рыбжьара, Адунеи абанк ала амакрои, иҳәыҷуи, абжьаратәи наплакқәа рыдгылареи реиҭашьақәыргылареи иазку апроектқәеи, ауаҩытәыҩсатә капитал аҿиара апрограммақәеи, убас егьырҭгьы. Аҧыза министр ишиҳәаз ала, Адунеи абанк апрограммақәа Қырҭтәыла аиҳабыра ирыцхрааит иакымкәа  ареформақәа рымҩаҧгараҿы, урҭ иреиуп атәанчаратә реформеи,  адепозитқәа рыҧгаҧсатә системеи, акапитал аџьармыкьа аҿиареи, аҳәынҭқарреи хазхаҭалатәи асектори рпартниорреи уҳәа убас егьырҭгьы. Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла,  аҳәынҭқарратә наплакқәа ркомплекстә реформа амҩаҧгареи иашьашәалоу астратегиа ахиаалареи аҿы Адунеи абанк ацхыраара  аҵакы ду амоуп.

Адунеи банк ахаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит аструктуратәи аекономикатәи реформақәа рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла ацхраара ишазхиоу, избанзар абарҭ ареформақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла аплан хада  – 2024 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара.

Қырҭтәыла аҧыза-министри Адунеи абан авице-ахадеи аҿиара аполитика аоперациақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апартниоррагьы иалацәажәеит, уи  аинклиузивтә азҳареи хазхаҭалатәи асектор аконкуренциалшара аизырҳареи иацхраауеит. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Абунеи абанк Қырҭтәыла аҭахрақәа ирықәҿнаҭуеит, Қырҭтәыла аиҳабыра уи даараӡа ахә ршьоит. Ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан акоронавирус апандемиазы астратегиатә ақәҿыҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз апроектқәа, урҭ атәыла аекономикеи ауааҧсыреи рзы анырра ду рыман.

Аиҧылара алахәылацәа апандемиа амшала азарал зауз ауааҧсыреи абизнеси  ирыцхрааша ауснагӡатәқәеи атуризм аиҭашьақәыргылареи иазааҭгылеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла атранспорттәи алогистикатәи центрс иҟалароуп, ари азҵаара аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә,  арегионалтә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡараҿы жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟынтә ацхыраара аҵакы ҷыда анашьоуп, уи жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны атәыла аҭыҧыркра иацхраауеит.

Адунеи абанк Қырҭтәыла зегьы реиҳа идуу адиверсификациатә  портфель амоуп, уи  2.7 миллиард адоллар иаҟароуп.

Адунеи абанк агәыҧ аҟынтә авидеоконференциа рхы аладырхәит  Аахыҵ Кавказ аҿы Адунеи абанк арегионалтә директор  Себастиан Молинеуси, излацәажәоз атемақәа ирышьашәалоу ахырхарҭақәа рнапхгаҩцәеи, Адунеи абанк аофис хадеи, иара убас, арегионалтә офисқәеи рҟынтә. Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара иалахәын  афинансқәа рзы аминистр Иване Маҷавариании, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр лхаҭыҧуаҩ Иракли Надареишвилии, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи.