Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит
Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит.

Аҭырқәа амедиа адыррала, алидерцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи, украинатәи арыц африкатәи атәылақәа рахь анагареи, Ҭырқтәыла агазтә центрс  аҟаҵареи иазку азҵарақәа ирылацәажәеит.

Ҩ-тәылак рхадацәа реиҿцәажәара иазку аинформациа аладырҵәеит Кремль авеб-даҟьаҿгьы.  Уаҟа ишану ала, Реџьеп Таип Ердоҕани Владимир Путини  атәылақәа русеицура арҭбаара иалацәажәеит, ҷыдала иазааҭгылеит аенергетика аусхки,  Ҭырқәтәыла иалганы Европаҟа аурыс агаз анагареи, Ҭырқәтәыла арегионалатә агазтә центрс аҟаҵареи иазку азҵаарақәа.

Иfра убас, атәылақәа рлидерцәа, Украина иадҳәалоу ахҭысқәеи, атҟәацәеи ахәрақәа заузи реиҭныҧсахлара иазку  ҭырқәтәылатәи аинициативеи иазааҭгылеит.