Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра  адыррақәа рыла,  икаҳаз аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан  20ҩык арратә маҵзуҩцәа
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра  адыррақәа рыла,  икаҳаз аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан  20ҩык арратә маҵзуҩцәа

Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан  20ҩык арратә маҵзуҩцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аҭырқәа арратә ҳаирплан каҳаит Сиҕнаӷи амуниципалитетаҿ, 5 километрк рыла Қырҭтәыла аҳәаа иазааигәаны. Аҳаирплан Азербаиџьанынтә Ҭырқәтәылаҟа иҧыруан.