Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳараан иҭахаз ауаа рсиа цәырнагеит
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳараан иҭахаз ауаа рсиа цәырнагеит.
Иҭахеит — аҧырҩы Гехан Коркмаз, аҳаирплан атехникатә маҵзура аиҳабы, алеитенант Емре Меркан, атехникатә сержант Нури Озкан, атехникатә сержант еиҳабы Илҳан Онган, аҳаиртә штаб аиҳабы Илкер Аикут, иара убас, арра-аҳаиртә мчқәа аофицарцәа: Сердар Услу, Ниҳат Илген, Џьунеит Кандемир, Умит Инже, Бурак Озкан, Емра Куран, Ҳамди Армаган Каплан, Акин Каракуш, Рамазан Иагыз, Емре Алтыок, Бурак Ибиг, Беркеи Караџьа, Аҳмед Иашар Куиуџьу, Џьем Долапчи, Емре Саин.
Сиҕнаӷи амуниципалитетаҿ, Қырҭтәыла аҳәаа иазаиагәаны, аҭырқәа арратә ҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан Азербаиџьанынтә Ҭырқәтәылаҟа иҧыруан.
Аусеилыргара мҩаҧысуеит ауаа рыҧсра зхылҵыз, ашәарҭадара аҧҟарақәа ма аҳаирплан ахархәара аҧҟарақәа реилагаразы.
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аҳаирплан иақәтәан 20ҩык аррратә маҵзуҩцәа.