Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра - Ҭырқәтәыла ирантәи ақурдцәа рхымҩаҧгашьа иацклаҧшуеит, дара рактивра арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп
Ҭырқәтәыла ирантәи ақурдцәа рхымҩаҧгашьа иацклаҧшуеит, – иҳәеит Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Иашар Гиулер иахьатәи абрифинг аҿы.
Иара иҳәамҭала, ирантәи ақурдцәа рактивра арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп.
Уаанӡа Reuters аанацҳаит ақурдцәа ргәыҧ PJAK Иран ишаахаша азы Америкаҟны аконсультациақәа мҩаҧыргеит ҳәа.