Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра – Авиациатә хҭысқәеи аинцидентқәеи рзы ҳекспертцәа ргәыҧи Қырҭтәыла анапхгареи, еиқәшаҳаҭны, аҭыҧаҿ аус еицыруеит
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра – Авиациатә хҭысқәеи аинцидентқәеи рзы ҳекспертцәа ргәыҧи Қырҭтәыла анапхгареи, еиқәшаҳаҭны, аҭыҧаҿ аус еицыруеит

Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ишану ала,  авиациатә хҭысқәеи аинцидентқәеи рзы ҳекспертцәа ргәыҧ, аҭырқәа арратә ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧаҿ  Қырҭтәыла анапхгара рҟны еиқәшаҳаҭны аус руеит.

«Авиациатә хҭысқәеи аинцидентқәеи рзы ҳекспертцәа ргәыҧи Қырҭтәыла анапхгареи, еиқәшаҳаҭны, аҭыҧаҿ аус еицыруеит. Атехникатә усеилыргареи аинциденат ахәшьара аҭареи инагӡоит, ауааҧсыра етапла аинформациа раҳҭоит», — иануп Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.