Ҭырқәтәыла аканал ҿыц аргылара иалагеит, уи Амшын еиқәеи Амармалташьтә мшыни еиднаҳәалоит
Ҭырқәтәыла аканал ҿыц аргылара иалагеит, уи Амшын еиқәеи Амармалташьтә мшыни еиднаҳәалоит

Иахьа Сҭампыл аканал ҿыц аргылара иалагеит, уи Амшын еиқәеи Амармалташьтә мшыни еиднаҳәалоит.

АИХ адыррақәа рыла, амегапроект алагара ацеремониа ихы алаирхәоит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип   Ердоҕан.

Аканал ҿыц  45 километр ауреи,  265 метр аҭбареи,  21 метр аҵаулареи амазаауеит. Уахыки – ҽнаки рыла аканал ахысра рылшоит  185 аҕбақәа.

Аканал аҩ-ганк рҿы анхарҭатә пунктқәа дыргылоит, уаҟа миллионҩык раҟара иауааҧсыра андырхоит. Ари апроект Ҭырқәтәылатәи ареспублика аҭоурых аҿы идуӡӡоу аинфраструктуратә инициативоуп.

Аканал ҿыц апроекттә ахә  13 миллиард адоллар иаҟароуп. Атәыла анапхгара иҟарҵаз азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, аканал ҿыц шықәсык ала  8 миллиард адоллар ахашәала амазаауеит.