Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 14 351-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 14 351-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 14 351-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла вице-ахада Фуаҭ Оқтаи.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Реџьер Таип Ердоӷан ишааицҳаз, аԥсабаратә рыцҳараан ахәрақәа зауз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 63 794-ҩык иаҟароуп. Ердоӷан иажәақәа рыла, шықәсык иалагӡаны атәыла анапхгара еилаҳаз аҩнқәа рцынхәрасҩынтә – хынтә иреиҳаны аҩнқәа дыргылоит.

Ҭырқәтәыла акатастрофақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рагентра аинформациала, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ иахьазы аус руеит 113200-ҩык аиқәырхара-аԥшааҩцәа, аевакуациа рзырухьеит 28044-ҩык.