Ҭинатин Берӡенишвили Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа асессиа ҷыда аҿы дықәгылоит
Ҭинатин Берӡенишвили Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа асессиа ҷыда аҿы дықәгылоит
Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа асессиа ҷыда аҿы дықәгылоит. «Аглобалтә проблемақәа — алокалтә аӡбарақәа» захьӡу асессиа мҩаҧысуеит ҧхынгәы 1 азы.
Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа асессиа ҷыда аҿы иалацәажәоит иахьазы алокалтә ажәабжь ҿыцқәа зеиҧшҟамлац аҵакы зрымоу, насгьы, Европатәи адырраҭаратә еидгыла алахәылацәа алокалтә ажәабжь ҿыцқәа рырҕәҕәаразы иҟарҵар ирылшо.
Аилатәара дахантәаҩхоит Европатәи адырраҭаратә еидгыла ажәабжь ҿыцқәа рыҟәша анапхгаҩы Лиз Корбин. Ҭинатин Берӡенишвили лыдагьы, асессиаҿы иқәгылоит аҭыҧантәи ажәабжь ҿыцқәа рмаҵзура анапхгаҩы Маикл Остерлунд, Чикаго иҟоу Атәылауаҩратә журналистика алабораториа City Bureau ашьаҭаркҩы Дерил Холидеи, Беританиа Дуи Ирландиеи рпартниорра анапхгаҩы Сара Браун.
