Ҭинаҭин Берӡенишвили  -  Актәи аканал, Қырҭтәыла ахьыҟоу   иҟоуп
Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Актәи аканал, Қырҭтәыла ахьыҟоу иҟоуп

«Иахьа ҳканал  66 шықәса ахыҵит. Есышықәса аҧышәа ҿыц ҳауеит, уи апрогресси аҿиареи аҿы иҳацхраауеит.  Қырҭтәыла иахьаҭаху зехьынџьара ҳаҟоуп», — илҳәеит  «Қырҭтәыла Актәи аканал» агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Берӡенишвили лҳамҭала, атәыла актәи ателехәаҧшра ахаҭарнакра – азгәыдура дуи  аҭакҧхықәра дуи ацуп.

«Ҳара лассы-лассы иаҳҳәалоит актәи аканал Қырҭтәыла иахьаҭаху зехьынџьара иҟоуп ҳәа, уи ҳусуҩцәа зегьы есымша инарыгӡо аус ибзиаӡаны аанарҧшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.   Атәыла актәи ателехәаҧшра ахаҭарнакра – азгәыдура дуи  аҭакҧхықәра дуи ацуп.  Ателехәаҧшра амширеи Ашықәс ҿыци шәыдысныҳәалоит», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла раҧхьатәи адырраҭара алагара инаркны  66 шықәса ҵит. Иахьа Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара иамоуп 2 каналк   — «Актәи аканали»  «Ателешколи»,  2 радиок  — «Қырҭтәыла арадиои», «Қырҭтәыла арадио 2»,  иара убас,  онлаин-платформа 1tv.ge еиуеиҧшым арыцхәтә аалыҵ ала.

Қырҭтәыла Актәи аканал – амедиаџьармыкьаҿы  ақырҭуа программақәеи апроектқәеи ҭзыжьуа идуӡӡоу ааглыхҩуп, есышықәса акрызҵазкәа алагала ҟанаҵоит акреативтә сектори Қырҭтәыла аекономикеи аҿиара аус аҿы.

Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи апрограмма аефирахь иҭыҵит  1956 шықәса ҧхынҷкәын  30 рзы, ари ахҭыс ҳтәыла аҭоурыхаҿ аҵакы ду аман. Аханатә апрограмма аефирахь иҭыҵуан мчыбжьыкахь хынтә.