Ҭеа Ҵулукиани - Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ аоппозициа ахаҭарнакцәа рпроцессқәа зегь рышҟа днеиуеит, аамҭа рацәаны имазаап, аусԥшааратә комиссиа еилатәарақәа рахь даасыԥхьоит
Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ аоппозициа ахаҭарнакцәа рпроцессқәа зегь рышҟа днеиуеит, аамҭа рацәаны имазаап, аиҭагаҩ иманы аусԥшааратә комиссиа еилатәарақәа рахь даасыԥхьоит, – илҳәеит “2003-2012 шықәсқәа рзы иҟаз арежими, ари арежим аполитикатә усзуҩцәеи, иара убас, усҟантәи ачынуааи роуранагӡара ҭызҵаауа аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа” ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани Ҟинҵвистәи аус азы Николоз Гогуаӡе дахьзыӡырҩуаз акомиссиа иахьатәи еилатәараҿ.
Ҵулукиани лажәақәа рыла, аусԥшааратә комиссиа аҭаара ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ Саакашвили изкны аинтерес злоу адыррақәа еиликаауеит.
“Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ – Фишер, ижәла ииашаны сҳәама? – аус имаӡам ҳәа сгәы иаанагоит, уи аполитикатә оппозициа хаҭарнакцәа рыӡбарҭтә процессқәа зегь рышҟа днеиуеит. Ацҳаражәҳәаҩ амҭа рацәаны имазаап, аиҭагаҩ иманы аусԥшааратә комиссиа еилатәарақәа рахь даасыԥхьоит. Ҳашәқәа аартуп. Николоз Гогуаӡе иажәабжь шәазыӡырҩа, уи иахьа иаҳзеиҭеиҳәеит Ҟинҵвистәи аоперациа ҷыда шымҩаԥысуаз. Ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩ Аусԥшааратә комиссиа аҭаара ашьҭахь Саакашвили изкны аинтерес злоу адыррақәа еиликаауеит”, -илҳәеит Ҵулукиани.