Ҭеа Ахвледиани Марнеули даҭаан, Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанаа Новруз Баирам рыдылныҳәалеит
Ҭеа Ахвледиани Марнеули даҭаан, Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанаа Новруз Баирам рыдылныҳәалеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭҟарратә министр Ҭеа Ахвледиани Марнеули даҭаан, Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанаа Новруз Баирам рыдылныҳәалеит.

Аҳәынҭминистр Марнеултәи аҩбатәи абжьаратә школ ахь днеин, уа имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатә лхы алалырхәит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны  Новруз атемазы ацәыргақәҵа мҩаԥган. Инагӡан азербаиџьантәи ақырҭуа амилаҭтә музыка, Новруз инамаданы аҵаҩцәа ахореографиатә номерқәа нарыгӡеит.

Ҭеа Ахвледиани аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, ашкол анапхгаҩы аҳамҭақәа рызналгеит.