«Ҭбилиси  Праид» ахаҭарнакцәа апартиақәеи адипломатиатә корпуси рхаҭарнакцәа ирҧылоит
«Ҭбилиси  Праид» ахаҭарнакцәа апартиақәеи адипломатиатә корпуси рхаҭарнакцәа ирҧылоит

«Ҭбилиси  Праид» ахаҭарнакцәа апартиақәеи адипломатиатә корпуси рхаҭарнакцәа ирҧылоит

«Ҭбилиси  Праиди» аполиткиатә партиқәеи рхаҭарнакцәа еиҧыланы,  амеморандум ҷыда иалацәажәоит. Ашәқәа ркны имҩаҧысуа аиҧылара ихы алаирхәоит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

«Ҭбилиси Праид» алахәылацәа идырмазеиз амеморандум рнапы аҵарҩит 15 аполиткиатә партиақәа.

Амеморандум инақәыршәаны,  апартиақәа роуп,  ахаҵара-ҧҳәысреи асексуалтә ориентациеи рыла еилых ҟамҵакәа,  азинеиҟарара еиқәзыршәаша.

«Асексуалтә аиҵара рзинқәа аганахьала апрецендент змам афакт ҟалеит. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҵакы ду амоуп агомофобиа апроблема аилкаареи ауааҧсыра зегьы азинеиҟарара рзеиқәыршәареи азыҳәан.  Амеморандум асимволтә ҟазшьа амоуп,  азакәантә мчы амам. Адокумент ишану ала,  уи знапы аҵазҩыз апартиақәа ирылшо зегьы ҟарҵоит азинеиҟарареи,  аизарақәеи аманифестациақәеи рымҩаҧгара азин азин ахьчареи азыҳәан,  иара убас,   асексуалтә оринетгациа иахьыҧшымкәа,  ацәымҕратә бызшәа рхы иадырхәом», — иҳәеит аиҧылара еиҿызкааз Гьаргь Табагари.

Лаҵара 17 рзы адунеи зехьынџьара агомофобиеи атрансфобиеи рыҿагылара жәларбжьаратәи амш иазгәарҭоит.