«Ҭбилиси Праид» - Аргама иааҳацҳар ҳҭахуп  «Аҳаҭырқәҵара амарш» иахьа ишымҩаҧымсуа
«Ҭбилиси Праид» - Аргама иааҳацҳар ҳҭахуп  «Аҳаҭырқәҵара амарш» иахьа ишымҩаҧымсуа

 

«Ҭбилиси Праида» ахьӡала иааҳацҳар ҳҭахуп  «Аҳаҭырқәҵара амарш» иахьа ишымҩаҧымсуа, — иануп  «Ҭбилиси Праид» аҳәамҭаҿы.

Аиҿкаара ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  иахьа Қарҭ амҩақәа рҿы иҟалаз ахҭысқәа атәылауаҩратә уаажәларреи, адемократиатә принципқәеи,  атәыла европатәи ахырхарҭеи рабашьра ауп.

«Иахьа иҟалаз ахҭысқәа рҟынтә ишубарҭоу ала,  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә ҧхықәрақәа нанагӡап ҳәа ҳгәыҕуам,  избанзар дара амчылара афактқәа ирықәҿырҭуам, уажәазы иаабо ацәымҕратә ацәқәырҧа аиҳабыреи Апатриархиеи рҟынтә адгылара амоуп.

Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларреи, аоппозициатә партиақәеи,  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи,  Қырҭтәыла ауааҧсыреи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ацәымҕра алазырҵәо арадикалтә гәыҧқәеи аиҳабыра имҩаҧырго ақәҿымҭратә политикеи иадымгыларц.

«Ҭбилиси Праида» ахьӡала иааҳацҳар ҳҭахуп  «Аҳаҭырқәҵара амарш» иахьа ишымҩаҧымсуа. Атәыла анапхгара ҳадгылаҩцәа ршәарҭадара рзыхьчом.  «Ҭбилиси Праид» ахьӡала иааҳацҳар ҳҭахуп  «Аҳаҭырқәҵара амарш» иахьа ишымҩаҧымсуа,  аизаразы иҳамоу азин ахархәара алшара ҳарымҭеит. Ҳара адәахьы ҳаздәылҵуам, избанзар уаҟа игылоуп гәымбылџьбарала иҳазныҟәо,  аиҳабыреи Апатриархиеи  изыдгыло ауааҧсыра!», — иануп аҳәамҭаҿы.